Қырҭтәыла акоронавирус  1 881 афакт ҿыцқәа аарҧшуп, 1 515ҩык апациентцәа ачымазара иалҵит
Қырҭтәыла акоронавирус  1 881 афакт ҿыцқәа аарҧшуп, 1 515ҩык апациентцәа ачымазара иалҵит

Қырҭтәыла акоронавирус  1 881 афакт ҿыцқәа аарҧшуп. Аиҳабыра русмҩаҧгарҭаҿы имҩаҧгаз абрифинг аҿы ари атәы ааицҳаит Аоперативтә штаб анапхгаҩы ихаҭыҧуаҩ Бердиа Сиҷинава.

Иара ишиҳәаз ала,  аҵыхәтәантәи 24 сааҭ рыла ачымазара иалҵит  1 515ҩык. Акоронавирус амшала иҧсит  37ҩык апациентцәа.

Инеизакны Қырҭтәыла акоронавирус адиагноз рзышьақәырҕәҕәоуп  218 724ҩык ауааҧсыра, урҭ рҟынтә  196 220ҩык ачымазара иалҵит,  2 313ҩык апациентцәа иҧсит.

Аҵыхәтәантәи 24 сааҭ рыла 13 655 тестқәа ҟаҵан, урҭ рҟынтә  6 747 —  антиген азы атес ласқәа, 6 908 — ПЦР-тестқәа.

Уажәазы акарантин аҿы иҟоуп  396ҩык, астационар аҿы  — 5 969ҩык, аковид-сасааирҭақәа рҿы  — 1 588ҩык апациентцәа.

Иацы Қырҭтәыла акоронавирус  1 972 фактқәа аарҧшын, 2 737ҩык ачымазара иалҵит.