Қырҭтәыла акоронавирус 1 543 афакт ҿыцқәа аарҧшуп, даҽа 3 198ҩык апациентцәа ачымазара иалҵит
Қырҭтәыла акоронавирус 1 543 афакт ҿыцқәа аарҧшуп. Ари аинформациа жәбар шәылшоит уажәааны ирҿыцыз аиҳабыратә саит ҷыда stopcov.ge. аҿы.
Аҵыхәтәантәи 24 сааҭ рыла атәылаҿы ачымазара иалҵит 3 198 ҩык, 20ҩык апациентцәа иҧсит.
Аҵыхәтәантәи 24 сааҭ рыла атәылаҿы акоронавирус азы иҟаҵан 13 873 атестқәа.
Атәылаҿы акоронавирус аларҵәара арбагақәа: аҵыхәтәантәи 14 мшы рыла — 16,83%, аҵыхәтәантәи бжьымш рыла — 14,57%.
Зынӡа Қырҭтәыла акоронавирус 1 633 443 афактқәа аарҧшуп, урҭ рҟынтә 1 581 376 ҩык ачымазара иалҵхьеит, 16 505 ҩык апациентцәа иҧсит.
Атәылаҿы иҟаҵоуп 2 830 741 алаҵақәа.