Қырҭтәыла акоронавирус 1 476 афакт ҿыцқәа аарҧшуп, даҽа  791 ҩык апациентцәа ачымазара иалҵит
Қырҭтәыла акоронавирус 1 476 афакт ҿыцқәа аарҧшуп, даҽа  791 ҩык апациентцәа ачымазара иалҵит

Қырҭтәыла акоронавирус  1476 афакт ҿыцқәа аарҧшуп. Ари аинформациа жәбар шәылшоит уажәааны ирҿыцыз аиҳабыратә саит ҷыда  stopcov.ge. аҿы.

Аҵыхәтәантәи 24 сааҭ рыла атәылаҿы акоронавирус ачымазара иалҵит 791ҩык,  15ҩык апациентцәа иҧсит.

Аҵыхәтәантәи 24 сааҭ рыла атәылаҿы акоронавирус азы иҟаҵан  27 895   атестқәа.

Атәылаҿы акоронавирус аларҵәара арбагақәа: есымшатәи  — 5,29%, аҵыхәтәантәи  14 мшы рыла  — 4,7%, аҵыхәтәантәи бжьымш рыла  — 4,85%.

Зынӡа Қырҭтәыла акоронавирус адиагноз рзышьақәырҕәҕәоуп  310 310ҩык, урҭ рҟынтә  290 767 ҩык ачымазара иалҵхьеит, 4110ҩык апациентцәа иҧсит.

Атәылаҿы акоронавирус аҽыхьчаратә лаҵа ҟарҵахьеит  45 338 ҩык, иҳаҩсыз 24 сааҭ рыла –  1729ҩык атәылауаа.

Акарантин аҿы иҟоуп  99ҩык, астационарқәа рҿы  — 3873 ҩык, аковид-сасааирҭақәа рҿы  — 749 ҩык апациентцәа.

Иацы,  мшаҧы 29 рзы, Қырҭтәыла акоронавирус  1433  афактқәа аарҧшын,  1160ҩык ачымазара иалҵит.