Қырҭтәыла акоронавирус 1 433 афакт ҿыцқәа аарҧшуп, даҽа 1 160 ҩык апациентцәа ачымазара иалҵит
Қырҭтәыла акоронавирус 1433 афакт ҿыцқәа аарҧшуп. Ари аинформациа жәбар шәылшоит уажәааны ирҿыцыз аиҳабыратә саит ҷыда stopcov.ge. аҿы.
Аҵыхәтәантәи 24 сааҭ рыла атәылаҿы акоронавирус ачымазара иалҵит 1 160ҩык, 18ҩык апациентцәа иҧсит.
Аҵыхәтәантәи 24 сааҭ рыла атәылаҿы акоронавирус азы иҟаҵан 29 024 атестқәа.
Атәылаҿы акоронавирус аларҵәара арбагақәа: есымшатәи — 4,94%, аҵыхәтәантәи 14 мшы рыла — 4,54 %, наӡына, аҵыхәтәантәи бжьымш рыла — 4,72 %.
Зынӡа Қырҭтәыла акоронавирус адиагноз рзышьақәырҕәҕәоуп 308 834ҩык, урҭ рҟынтә 289 976ҩык ачымазара иалҵхьеит, 4095ҩык апациентцәа иҧсит.
Атәылаҿы акоронавирус аҽыхьчаратә лаҵа ҟарҵахьеит 43 568 ҩык, иҳаҩсыз 24 сааҭ рыла – 1 767ҩык атәылауаа.
Акарантин аҿы иҟоуп 217ҩык, астационарқәа рҿы — 3 765 ҩык, аковид-сасааирҭақәа рҿы — 718ҩык апациентцәа.
Иацы, мшаҧы 28 рзы, Қырҭтәыла акоронавирус 1 551 афактқәа аарҧшын, 878ҩык ачымазара иалҵит.