Қырҭтәыла акоронавирус 1 177 афакт ҿыцқәа аарҧшуп, даҽа 837ҩык апациентцәа ачымазара иалҵит
Қырҭтәыла акоронавирус 1 177 афакт ҿыцқәа аарҧшуп. Ари аинформациа аланарҵәеит Қырҭтәыла аиҳабыра рпрессмаҵзура.
Аҵыхәтәантәи 24 сааҭ рыла акоронавирус ачымазара иалҵит 837ҩык, 26ҩык апациентцәа иҧсит.
Аҵыхәтәантәи 24 сааҭ рыла атәылаҿы акоронавирус азы иҟаҵан 15 205 атестқәа.
Инеизакны Қырҭтәыла акоронавирус адиагноз рзышьақәырҕәҕәоуп 245 789ҩык, урҭ рҟынтә 229 196ҩык ачымазара иалҵхьеит, 2 893ҩык апациентцәа иҧсит.
Уажәазы атәылаҿы 13 674 активтә фактқәа иҟоуп, урҭ рҟынтә 3780ҩык ахәышәтәырҭақәа ирҭоуп, 777ҩык рҭагылазаашьа цәгьоуп, урҭ рҟынтә 238ҩык иҧсабарәым аҧсыҧ лагаҩагара аппарат иаҿакуп. 648ҩык аклиникатә сасааирҭақәа рҿы иҟоуп, 9 294ҩык аҩны рҽырыхәшәтәуеит.
499ҩык акарантин аҿы иҟоуп, 23 772ҩык аҽыҧхьакраҿы.