Қырҭтәыла акоронавирус 1 097 афакт ҿыцқәа аарҧшуп, даҽа 3 208ҩык апациентцәа ачымазара иалҵит
Аҵыхтәантәи 24 сааҭ рыла Қырҭтәыла акоронавирус 1 097 афакт ҿыцқәа аарҧшуп, даҽа 3 208ҩык апациентцәа ачымазара иалҵит, 25ҩык апациентцәа иҧсит.
Атәыла зехьынџьара акоронавирус азы 8 394 тестқәа мҩаҧгоуп.
Инеизакны Қырҭтәыла акороанвирус адиагноз рзышьақәырҕәҕәоуп 221 605ҩык ауааҧсыра, урҭ рҟынтә 203 547ҩык ачымазара иалҵхьеит, 2 377ҩык апациентцәа иҧсит.
Уажәазы атәылаҿы 15 655ҩык активтә пациентцәа иҟоуп, урҭ рҟынтә 5 677ҩык ахәышәтәырҭақәа ирҭоуп, аковид-сасааирҭақәа рҿы — 1 393ҩык, аҩны рҽырыхәшәтәуеит — 8 585ҩык. 1 009ҩык апациентцәа рҭагылазаашьа цәгьоуп, урҭ рҟынтә 441ҩык иҧсабаратәым аҧсыҧ лагаҩагара аппаратқәа ирҿакуп.
Иацы Қырҭтәыла акоронавирус 1 784 фактқәа аарҧшын, 4 119ҩык ачымазара иалҵит.