Қырҭтәыла акоронавирус 1 071 афакт ҿыцқәа аарҧшуп, даҽа 680 ҩык апациентцәа ачымазара иалҵит
Қырҭтәыла акоронавирус 1 071 афакт ҿыцқәа аарҧшуп. Ари аинформациа жәбар шәылшоит уажәааны ирҿыцыз аиҳабыратә саит ҷыда stopcov.ge. аҿы.
Аҵыхәтәантәи 24 сааҭ рыла атәылаҿы акоронавирус ачымазара иалҵит 680 ҩык, 33ҩык апациентцәа иҧсит.
Аҵыхәтәантәи 24 сааҭ рыла атәылаҿы акоронавирус азы иҟаҵан 29 985 атестқәа.
Атәылаҿы акоронавирус аларҵәара арбагақәа: есымшатәи — 3,57%, аҵыхәтәантәи 14 мшы рыла — 4,11%, аҵыхәтәантәи бжьымш рыла — 4, 18 %.
Атәылаҿы акоронавирус аҽыхьчаратә лаҵара ҟарҵахьеит 109 395 ҩык.
Зынӡа Қырҭтәыла акоронавирус адиагноз рзышьақәырҕәҕәоуп 336 840 ҩык, урҭ рҟынтә 317 069 ҩык ачымазара иалҵхьеит, 4 602 ҩык апациентцәа иҧсит.
Акарантин аҿы иҟоуп 4 602 ҩык, астационарқәа рҿы — 4 270 ҩык, аковид-сасааирҭақәа рҿы — 701ҩык апациентцәа.
Иацы, лаҵара 20 азы, Қырҭтәыла акоронавирус 1 064 афактқәа аарҧшын, 1 135 ҩык ачымазара иалҵит.