Қырҭтәыла Акаталикос-Патриарх Илиа Аҩбатәи  – Атәылаҿ аҭагылазаашьа шыуадаҩугьы, ҳара аҧсадгьыл абзиабара ҳаиднакылароуп
Қырҭтәыла Акаталикос-Патриарх Илиа Аҩбатәи  – Атәылаҿ аҭагылазаашьа шыуадаҩугьы, ҳара аҧсадгьыл абзиабара ҳаиднакылароуп

Қырҭтәыла Акаталикос-Патриарх Илиа Аҩбатәи  мшаҧытә исаламшәҟәы иануп:

«Рыцҳарас иҟалаз, сынтәа атәылаҿы имҩаҧысуа аполитикатә процессқәа рымшала, ауаа ачгара хьанҭеи мшаҧытә агәырҕьареи ирнаҭоз ацәаныррақәа хәыҷык иҧсыҽын.

Атәылаҿ аҭагылазаашьа шыуадаҩугьы, ҳара аҧсадгьыл абзиабара ҳаиднакылароуп,  ҳара ҭынч аицҟазаара ҳалшароуп.

Иахьа шәызынтәгьы сшәыҳәоит  излауа ала доуҳала иаҳа иҳаракны ҳгыларц, мшаҧы аныҳәа ду иаҳзаанаго агәырҕьара шәцәа ианырырц. Шәааи, Қьырса ихьӡала ҳҽеидаҳкылап,  Қәырҭтәылеи, Украинеи, Ааигәатә Мрагылареи, ишеибгоу адунеии  аҭынчреи ашәҭыкакаҷреи рзааигарц ҳиҳәап».