Қырҭтәыла аиҳабыра асоциалтә цхыраара аетап ҿыц амҩаҧгара иалагоит
Қырҭтәыла аиҳабыра асоциалтә цхыраара аетап ҿыц амҩаҧгара иалагоит

Ашықәса ҿыц инаркны асоциалтә цхыраара аетап ҿыц иалагоит, уи аҳәаақәа ирҭагӡаны асистематә шьаҿақәа ҟаҳҵоит, ҳтәылауаа асистематә социалтә цхыраара раҳҭоит, — иҳәеит Қырҭтәыла Аҧыза-министр Гьаргь Гахариа Аусбарҭабжьаратә координациатә хеилак аилатәараҿы.

Аиҳабыра рнапхгаҩы хықәкылатәи асоциалтә цхыраара инарҭбааны дахцәажәан, ишазгәеиҭаз ала, ауааҧсыра излауа ала ирласны ацхыраара роуроуп.

«Раҧхьа иргыланы, ҳтәылауаа фымз рыла  1200 лари ацхыраара роуеит, актәи аетап аангьы ари апрограмма қәҿиарала имҩаҧган. Апрограмма наҳагӡоит, 2020 шықәса ҧхынҷкәын инаркны аулафахәы зцәыӡыз ауаа ашәҟәы рҭагалара ҳалагахьеит.  Уи актәи ахәҭоуп. Аҩбатәи ахәҭа  —  65 000 инаркны  100 000 аҟынӡа абаллқәа змоу ҳтәылауаа зегьы, социалла ихьчам рҳасабала,  фымз рыҩнуҵҟа есымза  100 лари ацхыраара роуеит. Иара убас,  0 инаркны  100 нызқь аҟынӡа абаллқәа змоу, 16 шықәсанӡа зхыҵуа хҩык ма еиҳаны ахылҵ змоу  ҳтәылауаагьы фымз рыҩнуҵҟа есымза  100 лари ацхыраара роуеит. Зылшарақәа маҷу,  18 шықәсанӡа зхыҵуа ауааҧсырагьы фымз рыҩнуҵҟа есымза  100 лари ала ҳрыцхраауеит. Зыӡбахәы ҳәоу асоциалтә цхыраара абиуџьет  610 миллион лари иаҟароуп», — иҳәеит аиҳабыра рнапхгаҩы.