Қырҭтәыла агастро конгресс Madrid Fusión 2024 асас астатусла алахәуп
Қырҭтәыла агастро конгресс Madrid Fusión 2024 асас астатусла алахәуп

Ажьырныҳәа 29-31 рзы Мадрид ақалақь аҿы имҩаԥысуа еицырдыруа агастро конгресс Madrid Fusión 2024 Қырҭтәыла алахәуп, – аарыцҳаит Атуризм азы амилаҭтә администрациа аҟынтә.

Аусҳәарҭа аинформациа ала, Қырҭтәыла агастро конгресс Madrid Fusión 2024 асас астатусла алахәуп.

„Жәларбжьаратә конгресс аҽы Атуризм азы амилаҭтә  администрациа астенд аԥхьа асасцәеи акулинариа ахырхарҭа хаҭарнакцәеи ақырҭуа чысқәа ргьама абареи, атуристтә аалыҵқәа ргәаҭареи рылшои. Қырҭтәыла астенд аҿы асасцәа рзы идыргылоит Show Kitchen.

Madrid Fusión 2024 аҿы Қырҭтәыла агастрономиатә хырхарҭа адунеи еиуеиԥшым атәылақәа рхаҭарнакцәа рыдгалахоит.

Жәларбжьаратә агастро конгресс Madrid Fusión 2024 рхы аладырхәоит Испаниа, Швеицариа, Норвегиа, Даниа, Франциа, Бельгиа, Италиа, ЕАШ, Аргентина, Колумбиа, Кореиа, Филлипины, Чиле.