Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿ Украина аамҭалатәи ахаҭарнак иҟны аиҧылара мҩаҧысуеит
Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿ Украина аамҭалатәи ахаҭарнак иҟны аиҧылара мҩаҧысуеит

Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿ Украина аамҭалатәи ахаҭарнак   Алеқсандр Шульга иҟны аиҧылара мҩаҧысуеит.

Аамҭалатәи ахаҭарнак Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистррахь иҧхьеит украинатәи аган ала ақырҭуа авиаеилахәыра «Georgian Airways» асанкциақәа азышьақәыргылара амшала.

Украина ахада  Владимир Зеленски ҧхынгәы 1 азы  190ҩык афизикатә хаҿқәеи  290 аилахәырақәеи асанкциақәа рзышьақәиргылеит, урҭ иреиуп  «Georgian Airways»-и Ҭамаз Гаиашвилии.