Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра - Украинантә аҧсадгьылахь ихынҳәхьеит аевакуациа зызу 3000-ҩык рҟынӡа Қырҭтәыла атәылауаа
Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аҟынтә ишаарыцҳаз ала, аҳәынҭқарра Украинантә Қырҭтәыла атәылауаа ралгареи ацхыраара рыҭареи апроцесс нанагӡоит.
Аминистрра адыррақәа рыла, аҳәынҭқарра ацхыраарала аҧсадгьылахь ихынҳәхьеит 3000-ҩык раҟара Қырҭтәыла атәылауаа, урҭ рҟынтә 100-ҩык иҳаҩсыз амчыбжь азы ихынҳәит.
«Украина аибашьра иалагеижьҭеи Украина иҟоу Қырҭтәыла адипломатиатә миссиақәа арежим ҷыдаҿ аус руеит. Қырҭтәыла аҧыза-министр иӡбарала, дара ирыдҵоуп Украина иҟоу Қырҭтәыла атәылауаа ревакуациа аиҿкаареи раҧхьатәи ацхыраара рыҭареи. Уажәазы иҟоу адыррақәа рыла, аҳәынҭқарра ацхыраарала аҧсадгьылахь ихынҳәхьеит хнызқь ҩык рҟынӡа Қырҭтәыла атәылауаа», — иануп Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра адырраҿы.