Давиҭ Залкалиании Сергеи Лаврови реиҧылараҿы ақырҭуа аган Қырҭтәыла аҵакырадгьылқәа рдеоккупациа азҵаара иқәдыргылеит, – ари аинформациа иаланарҵәеит Қырҭтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистрра.
„ЕАР Ассамблеиа Хада 74-тәи асессиа аҳәаақәа ирҭагӡаны, Швеицариатәи аконфедерациа аинициативала, Қырҭтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Давиҭ Залкалиании Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лаврови еиҧылеит.
Аиҧылараҿы ақырҭуа аган Қырҭтәыла аҵакырадгьылқәа рдеоккупациа азҵаара иқәдыргылеит. Иара убас, аганқәа рхаҭарнакцәа импыҵахалоу аҵакырадгьылқәа рҿы ашәарҭадаратә ҭагылазаашьеи, уаҟа имҩаҧысуа апроцессқәеи, Қырҭтәыла – Урыстәылатә еизыҟазаашьақәа рҿы иҟоу апроблемақәеи ирзааҭгылеит“, – иануп Қырҭтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистрра аинформациаҿы.
Қырҭтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Давиҭ Залкалиани Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров иахьа диҧылеит.