Қырҭтәыла адәныҟатәи аусҳәарҭа Беларус ахь ааԥхьара ҟанаҵоит атәыла атерриториатә акзаара пату ақәҵаны, жәларбжьаратәи азин еланамгарц
Қырҭтәыла адәныҟатәи аусҳәарҭа Беларус ахь ааԥхьара ҟанаҵоит атәыла атерриториатә акзаара пату ақәҵаны, жәларбжьаратәи азин еланамгарц

Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рмнистрра Беларустәи ареспулика ахадеи ампыҵахаларатә режим ахаҭарнакцәеи реиԥылара иаҿагылоит, – иануп Қырҭтәыла адәныҟатәи аусҳәарҭа ампыҵахаларатә режим ахаҭарнак Аслан Бжьаниа Беларустәи ареспублика аҭаара инамаданы иҟанаҵаз аҳәамҭа аҿы.

Қырҭтәыла адәныҟатәи аусҳәарҭа аҳәамҭаҿ ишану ала, ари Урыстәыла ампыҵахаларатә режим алегитимациа аҽазкроуп.

„Ари Қырҭтәыла асуверенитети атерриториатә акзаареи еиланагоит, Урыстәыла ампыҵахаларатә режим алегитимациа аҽазкроуп.

Беларус ахь ааԥхьара ҟаҳҵоит атәыла атерриториатә акзаара пату ақәҵаны, жәларбжьаратәи зин иаҿагылоу ҭагылазаашьақәа аҟәыҵырц”, – иануп аҳәамҭа аҿы.

Беларус ахада Александр Лукашенко импыҵахалоу Аԥсны де-факто алидер Аслан Бжьаниа иҟны аиԥылара мҩаԥиган, иазгәеиҭеит: “Қырҭтәыла анапхгара аԥсуаа рҟны аиԥылараз аби еиԥш ареакциа зрымоузеи? Арҭ аиԥыларақәа аԥсуааи ақырҭуааи реиҩызара амаҵ азырур ҟалап” ҳәа.