Қырҭтәыла адәныҟатәи аусҳәарҭа – Апассаџьырцәа зегьы ишәарҭам аныҟәара зин рхы иадырхәароуп, мчыла урҭ раанкылара адкылашьа амам
Қырҭтәыла адәныҟатәи аусҳәарҭа – Апассаџьырцәа зегьы ишәарҭам аныҟәара зин рхы иадырхәароуп, мчыла урҭ раанкылара адкылашьа амам

Апассаџьырцәа зегьы ишәарҭам аныҟәара зин рхы иадырхәароуп, мчыла урҭ раанкылара адкылашьа амам, – иануп Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Белаоус, авиаеилахәыра «Раинеар» аҳаирплан мчыла аанкылара иазкны аланарҵәаз аҳәамҭа аҿы.

«Даара ҳгәырӷьоит «Раинеар» аҳаирплан ишәарҭамкуа Вильниус атәара ахьалшаз, аборт аҿы иҟаз апассаџьырцәа рҟны аимадара абжьаҵара ахьҳалшаз. Апассаџьырцәа зегьы ишәарҭам аныҟәара зин рхы иадырхәароуп, мчыла урҭ раанкылара адкылашьа амам,» – иануп аҳәамҭа аҿы.

«Раинеар» аҳаирплан Афины-Вильниус ареис анынанагӡоз аамҭазы, Беларус аҳауатә қәыԥшылараҿ аныҟаз, аборт аҿы аԥжәага ыҟоуп ҳәа, аҳаирплан атәаразы адҵа арҭеит. Аҳаирплан антәа, аборт аҿы иҟаз аоппозиционер журналист Роман Протасевич дааныркылеит. Иҟоу адыррақәа рыла, аҳаирплан аҳаирбаӷәазанӡа наскьаган Миг-29 авианырҵәага ҳаирплан ала.