Қырҭтәыла адгьылҵысра ҟалеит
Қырҭтәыла адгьылҵысра ҟалеит

Қырҭтәыла адгьылҵысра ҟалеит. Адгьылҵысра қарҭтәи аамҭала асааҭ 08:58 рзы ҟалеит.

Адгьылҭҵааратә институти Асеисмологиатә мониторинг азы амилаҭтә центр аинформациала, аепицентр Қарҭ 53 км иацәыхараны, Дманиси ақалақь 9 км иацәыхараны, Сакире ақыҭаҿ иҟан.

Заанаҵтәи аинформациала, адгьылҵысра амч 4.1 амагнитуда аман.