Қырҭтәыла адгьылҵысра ҟалеит
Қырҭтәыла адгьылҵысра ҟалеит

Асесмологиатә мониторинг азы ацентр аинформациа ала, Қырҭтәыла адгьылҵысра ҟалеит.

4,7  (ML) амагнитуда амч змаз адгьылҵысра қарҭтәи аамҭала асааҭ 16:25 рзы ҟалеит.

Аепицентр Вани ақалақь аҟынтә алада-мрагыларахьала 11 км иацәыхараны, Сулори ақыҭа 5 км иацәыхараны иҟан.