Қырҭтәыла адгьылҵысра ҟалеит.
Адгьылаҵантәи аахақәа ҟалеит қарҭтәи аамҭала асааҭ 22:09 рзы.
Асеисмологиатә мониторинг амилаҭтә центр адыррақәа рыла, адгьылҵысра аепицентр Они ԥшькилометрк иацәыхараны, ақыҭа Қведи ааигәара иҟан.
Заанаҵтәи адыррақәа рыла, адгьылҵысра 3.1 магнитуда амч аман.