Қырҭтәыла адгьылҵысра ҟалеит
Қырҭтәыла адгьылҵысра ҟалеит

 

Қырҭтәыла адгьылҵысра ҟалеит. Адгьылаҵантәи аахақәа ҟалеит қарҭтәи аамҭала асааҭ  07:17 рзы.

Адгьыл иазку аҵарадыррақәа ринститути Асеисмологиатә мониторинг амилаҭтә центри адыррақәа рыла, 3 магнитудак амч змаз  адгьылҵысра аепицентр   Самеба ақыҭа иазааигәаны иҟан.