Қырҭтәыла аҭыԥантәи халанапхгараҭарахь алхрақәа аҩбатәи ртур мҩаԥысуеит
Қырҭтәыла аҭыԥантәи халанапхгараҭарахь алхрақәа аҩбатәи ртур мҩаԥысуеит.
Аҩбатәи тур мҩаԥысуеит аҳҭнықалақьи ахаланапхгараҭанатә ԥқалақьки рҿы. Арҭ ақалақьқәа роуп Русҭави, Қәҭешьи, Ԥуҭи Баҭыми. Аҩбатәи атур ахь ииасит “Амилаҭтә ҵысреи” “Ақырҭуа гәахәтәии”.
Ахаланапхгараҭаратә хәқалақьк рыда иахьа ахадацәа иалырхуеит 15 муниципалитет рҿы – Ҭелави, Ҭианеҭи, Қарели, Хашури, Цагери, Баӷдаҭи, Ҵҟалтубо, Озургеҭи, СЕнаки, Мартвили, Хоби, Жәыргьыҭ, Ҵаленџьиха, Чхороҵку, Хелвачаурию. Алхыҩцәа ҩкандидатк рҟынтә иреиӷьу далырхроуп. Аиааира игоит абжьқәа 50% +1 зырҭо акандидат.
24 алхратә округ рҿы алхыҩцәа ҩыџьа амажоритарцәа рҟынтә ацәы далырхроуп.
Ахаланапхгаратә алхрақәа аҩбатәи атур аан атәыла зехьынџьара аус руеит 1830 алхырҭақәа, зынӡа абжьыҭира рҽаладырхәоит 2 088 722ҩ-ык алхыҩцәа.
Алхрақәа ирыцклаԥшуеит аҭыҧантәи анаҧшратә аиҿкаарақәа рҟынтә 35 198-ҩык анаҧшцәеи, жәларбжьаратәи анаҧшратә аиҿкаарақәа рҟынтә 1102-ҩык анаҧшцәеи, иара убас, 119 Аих 3 711-ҩык рхаҭарнакцәеи.
Аҭыԥантәи халанапхгараҭарахь алхрақәа актәи ртур жьҭаара 2 рзы мҩаԥган. Ахадацәа рҭыԥқәа рзы алхрақәа актәи ртур рҿы 64 муниципаитетқәа рҟынтә 44 рҿы аиааира ргеит “Ақырҭәа гәахәтәы” ахаҭаранкцәа.