Қырҭтәылa Аҩныҵҟaтәи aусқәa рминистрра - Апарламент аԥхьа имҩаԥысуа акциаҿ 13-ҩык аанкылоуп

Қырҭтәылa Аҩныҵҟaтәи aусқәa рминистрра аинформациала, апарламент аԥхьа имҩаԥысуа акциаҿ  13-ҩык аанкылоуп.

«Амитинг аиҿкааҩцәеи алахәылацәеи рахь иҟаҵаз ааҧхьара иахәамԥшыкәа, акциа алахәылацәа аҭынчратә аизара анормақәа рҳәаақәа ирҭыҵит, азинхьчаҩцәа азакәан ала иазҧхьагәаҭоу ахархәага ҷыдақәа рхы иадырхәит.

Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра амитинг аиҿкааҩцәеи алахәылацәеи рахь даҽазнык ааҧхьара ҟанаҵоит аизарақәеи аманифестациақәеи ирызку азакәан аҳәаақәа ирҭымҵырц, апарламент аҩналарҭақәа рҟынтә даҽа ҭыԥқәа рахь ииасырц, акциа ҭынч мҩала мҩаԥыргарц

Акциа алахәылацәа аҭынчратә аизара анормақәа рҳәаақәа ирҭыҵыр, аиҿкаара ахьчара амзызла, азинхьчаҩцәа  азакәан ала иазҧхьагәаҭоу ахархәага ҷыдақәа рхы иадырхәоит», — иануп Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра аҳәамҭаҿы.