Қарҭтәи Сакребуло аҿы аҧсышәала икьыҧхьу  «Абжьас-цәа зшәу»  аӡыргара мҩаҧган
Қарҭтәи Сакребуло аҿы аҧсышәала икьыҧхьу  «Абжьас-цәа зшәу»  аӡыргара мҩаҧган

Қарҭтәи Сакребуло аҿы  аҧсышәала икьыҧхьу Шоҭа Русҭавели  ипоема   «Абжьас-цәа зшәу»  аӡыргара мҩаҧган.

Қырҭтәыла аҵара аминистрра апресс-маҵзура аинформациа ишану ала, зыӡбахәы ҳәоу аҭыжьымҭа аҧсышәала икьыҧхьын 1941 шықәсазы, анеҩс, еиҭакьыҧхьын Аҧсны акультуреи аҵареи рзы аминистрра аҳәарала. Аҭыжьымҭа аоригинал ишьҭоуп Анапҩырақәа рмилаҭтә центр аҿы иҟоу Лассы иуҧымло акьыҧхьратә ҭыжьымҭақәа рфонд аҿы.

Ҧсра зқәым Шоҭа Русҭавели ипоема аҧсышәала иеиҭеигеит еицырдыруа аҧсуа шәҟәыҩҩы Дырмит Гәлиа, ашәҟәы аредақтор иакәын ақырҭуа аҵарауаҩ, академик Симон Џьанашьиа. Ашәҟәы акьыҧхь адырбеит 2021 шықәсазы, апоема аҧсышәала аҭыжьра инаркны  80 шықәса аҵра инамаданы.