Қарҭтәи ақалақьтә аӡбарҭа Давиҭ Хомерики 4 шықәсеи 6 мзи аҭакра иқәнаҵеит
Қарҭтәи ақалақьтә аӡбарҭа Давиҭ Хомерики 4 шықәсеи 6 мзи аҭакра иқәнаҵеит.
Аӡбамҭа лыдылкылеит аӡбаҩ Нино Галусташвили.
Давид Хомерики ԥхынҷкәын 2 рзы Ҭамарашвили имҩаду аҿы даанкылан.
Уи ахара идуп Қырҭтәыла ашьауӷа закәанеидкыла 18-229-тәи ахәҭаҷ инақәыршәаны – аԥжәага, мамзаргьы аԥсҭазаара ашәарҭара иҭазыргыло ахархәагақәеи амаҭәашьарқәеи риагра, мамзаргьы рыҵәахра. Ари ахәҭаҷла иазыԥхьагәаҭоуп 4 шықәса инаркны 7 шықәсанӡа аҭакра.