Қырҭтәыла аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра апатрультә полициа адепартамент аинформациа ала, ауаажәларратә зинеиҿкаара ахьчареи атранспорт ишәарҭам аиҭаҵра аиқәыршәареи рзы, Қарҭтәи анышәынҭрақәа рахь ицо амҩақәа рҿы аҧкрақәа ишьақәгылоуп.
Иара убас апатрультә полициа аҟынтә ишаарыцҳаз ала, Амшаҧы аныҳәа ду инамаданы арегионқәа рҿы иҟоу автомобилтә амҩақәа рҿы автотранспот ҧымкрада аиҭаҵра азы, Қарҭ-Сенаки-Леселиӡе автомобилтә амҩаду аҿы аидаратә машьынақәа рныҟәара аамҭа-аамҭала аанкылахоит.