Қарҭтәи аҳәынҭқарратә университет ашьаҭаркра амш инамаданы Саломе Зурабишвили адныҳәалара ҟалҵеит
Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвили атәылауааи, астудентцәеи апрофессорцәеи Қарҭтәи аҳәынҭқарратә университет ашьаҭаркра амш инамаданы адныҳәалара ҟалҵеит. Саломе Зурабишвили лажәақәа рыла, 103 шықәса раԥхьа Қарҭтәи аҳәынҭқарратә университет ашьаҭаркра ашьҭахь Қырҭтәыла ҳаамҭазтәи аҭоурых аҿы аҭыԥ змаз аиҭасратә хҭысқәа зегьы ари ауниверситет иадҳәалоуп.
Ахада лажәақәа рыла, Қарҭтәи аҳәынҭқарратә университет иахьагьы акультуратәии амилаҭтә акзаареи хыҵхырҭас иԥхьаӡоуп.
«Қырҭтәыла атерритоиақәа импыҵахалоуп, жәларбжьаратәи уаажәларраҿ аԥсуа бызшәа ашәарҭа иҭагылоу бызшәаны анырыԥхьаӡо аамҭазы, Қарҭтәи аҳәынҭқарратә университет аҿы аԥсуа филологиатә школ аус ауеит.
Кавказтәи абызшәақәеи акультуреи рыҭҵаара ахырхарҭа аҳәынҭҵаррантә адгылара ду аҭахуп.
Қарҭтәи аҳәынҭқарратә университет ашьаҭаркра амш Қырҭтәыла атәылауаҩ цыԥхьаӡа, астудентцәеи апроцессорцәеи рыдысныҳәалоит,» – иануп Қырҭтәыла ахада лыдныҳәалараҿы.