Иуане Џьавахишвили ихьӡ зху Қарҭтәи аҳәынҭқарратә университет аректорс Џьаба Самушиа далырхит.
Қарҭтәи аҳәынҭқарратә университет аректор иҭыԥ аанкыларазы алхрақәа кандидат заҵәык далахәын. Џьаба Самушиа уаанӡа Иане Џьавахишвили ихьӡ зху Қарҭтәи аҳәынҭқарратә университет аректор инапынҵақәа наигӡон.
30-тәи аректор ауниверситет академиатә хеилак аҿы абжьқәа реиҳарала далхын.
Иуане Џьавахишвили ихьӡ зху Қарҭтәи аҳәынҭқарратә университет ԥасатәи аректор инапынҵақәа шьҭеиҵеит жьҭаара 7 рзы.