Қарҭ  жәларбжьаратәи аконференциа "Алидерцәа аимакқәеи, аҭынчреи ашәарҭадареи ирызкны" мҩаԥысуеит
Қарҭ жәларбжьаратәи аконференциа "Алидерцәа аимакқәеи, аҭынчреи ашәарҭадареи ирызкны" мҩаԥысуеит

Қырҭтәыла ахада лыԥшьгара ала, Қарҭ, ацәыргақәҵатә центр «Expo Georgia» аҿы имҩаԥысуеит аҳәса жәларбжьаратәи рконференциа “Алидерцәа аимакқәеи, аҭынчреи ашәарҭадареи ирызкны”.

Арегион аҟны абри еиԥш аконференциа раԥхьаӡа акәны мҩаԥысуеит,  ауаажәларра еиуеиԥшым ахырхарҭақәа: аполитикеи, адипломатиеи, атәылауаҩратә уаажәларреи, акультуреи, абизнеси, аихқәеи, аспорти, асадаҟыҭареи, аҵарадырреи рҟынтә аҳәса, иара убас аимак атрагедиа зхызгаз аҳәса уи рхы аладырхәоит.

Қарҭ имҩаԥысуа аҳәса жәларбжьаратәи рконференциа  (TWIC) Қырҭтәыла актәи аԥҳәыс ахада Саломе Зурабишвили лыԥшьгарала мҩаԥысуеит.

Қырҭтәыла ахада ладминистрациеи Аусеицуреи ашәарҭадареи рзы европатәи аиҿкаара апарламенттә ассамблеиеи Қырҭтәыла иҟоу ЕАР аофиси аусеицура рыбжьоуп.

Аконференциа аалыртит Қырҭтәыла ахада.

Аконференциа иалахәп Аусеицуреи ашәарҭадареи рзы европатәи аиҿкаара апарламенттә ассамблеиа ахада Маргарета Седерфельж, польшатәи Сеим амаршал ихаҭыԥуаҩ Малгожата Гошиевска, Европеи Евразиеи рызқаарақәа рзы ЕАШ аҳәынҭмаӡаныҟәгаҩ ихаҩыԥуаҩ Карен Донфрид.