Қарҭ Жәларбжьаратәи аҳәса аҩбатәи рконференциа мҩаԥысуеит
Қарҭ Жәларбжьаратәи аҳәса аҩбатәи рконференциа мҩаԥысуеит

Қырҭтәыла ахада лыԥшьгара ала, Еспо Џьорџьиаҿ Қарҭ Жәларбжьаратәи аҳәса аҩбатәи рконференциа мҩаԥысуеит.

Аконференциа аалыртит Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвили.

“Аконференциа аҽалархәразы иҭабуп ҳәа шәасҳәоит жәларбжьаратәи ҳҩызцәа, ақырҭуа партниорцәа, аҩызцәа, салам шәысҭоит.

Ари аконференциа аҭынчреи ашәарҭадареи, аимакқәеи азҵаарақәа ирызкуп, арҭ апроблемақәа зегьы рҭыԥқәҵара, аҭагылазаашьа аиӷьтәра аҳәса рылшоит. Аибашьра аҳәса ирныруеит. Иахьатәи аконференциа украинатәи аҳәса ирзыскыр сҭахуп, шықәсык иреиҳаны атәыла абомбақәа ақәрыжьуеит. Иашьҭанеиуа аконференциаҿ аԥшьагар ҿыцқәа рыла адунеи зегь аҿы аҭынчра  ашьақәыргылара шыҟало ҳахцәажәоит”, – илҳәеит Саломе Зурабишвили.