Қарҭ имҩаҧысуеит аныҟәара алозунгла „Еснагь, зехьынџьара, суцуп, Қырҭтәыла“
Қарҭ имҩаҧысуеит аныҟәара алозунгла „Еснагь, зехьынџьара, суцуп, Қырҭтәыла“.
Афилармониа аҧхьа еизаз апротесттә акциа алахәылацәа Ҷавҷаваӡе имҩаду ианыланы, Ваке апаркашҟа идәықәлеит.
Аныҟәара алахәылацәа „Атәым анырра аартызаара иазку“ азакәан иадҳәаланы апротест ҟарҵоит.
Иара убас, аныҟәара алахәылацәа ишырҳәаз ала, иахьатәи акциа асимволтә ҟазшьа амоуп, избанзар, иахьа атәыла Ахьыҧшымра амш азгәанаҭоит, убри аҽны ақырҭуа жәлар даҽазнык аадырҧшыр рҭахуп Қырҭтәыла Европаҿы ишаҭыҧу.