Қарҭ имҩаҧысит ашәарҭадара азҵаарақәа ирызку Қырҭтәылеи Евроеидгылеи рыбжьара зыҩаӡара ҳараку астратегиатә диалог ахәбатәи аиҧылара
Қарҭ имҩаҧысит ашәарҭадара азҵаарақәа ирызку Қырҭтәылеи Евроеидгылеи рыбжьара зыҩаӡара ҳараку астратегиатә диалог ахәбатәи аиҧылара.
Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аинформациа ишану ала, аиҧылараҿы ишьақәырҕәҕәан аҩ-ганк, Қырҭтәылеи Евроеидгылеи аусеицура арҭбаара шырҭаху, адәныҟатәи аполитикеи ашәарҭадареи азҵарақәа рзгьы.
„Аиҧылара алахәылацәа 2008 шықәсазы Урыстәылеи Қырҭтәылеи реимак иахылҵыз алҵшәақәа ирылацәажәеит, Қырҭтәылатәи арегионқәа Аҧсни Аахыҵ Уаҧстәылеи рҿы аимак адинамика налаҵаны. Аганқәа Урыстәылахь ааҧхьара ҟарҵеит 2008 шықәса нанҳәа 12 рзы Евроеидгыла абжьацәажәарала амца аанкылара иазкны аганқәа еицрыдыркылаз аиқәшаҳаҭра нанагӡарц. Аҩ-ганк иаҵшьны иазгәарҭеит Женеватәи жәларбжьаратәи адискуссиақәа рҵакы. Иара убас, даҽазнык иаҵшьны иазгәаҭан Евроеидгыла Анашцәа Рмисиа инанагӡо ароль ду Қырҭтәыла аҭынчреи ашәарҭадареи ашьақәыргылара ацхраара аус аҿы, иара убас, иаҵшьны иазгәаҭан Анаҧшратә миссиа амандат инагӡаны амҩаҧгара ахымҧадара. Евроеидгыла даҽазнык ишьақәнарҕәҕәеит Қырҭтәыла ахьыҧшымреи жәларбжьаратәи азхаҵара змоу аҳәаақәа ирҭагӡаны аҵакырадгьылтә акзаареи ишадгыло“, – иануп Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәаә рминистрра аинформациаҿы.
Аусбарҭа адыррала, Қырҭтәылеи Евроеидгылеи рхаҭарнакцәа адәныҟатәи аполитика иаҵанакәа актуалтә зҵаарақәагьы ирылацәажәеит, арҭ азҵаарақәа иреиун Аахыҵ Кавказ арегионаҿ ашәарҭадара аганахьала иҟоу апроблемақәеи, Украина иаҿагыло урыстәылатәи агрессиа атематикеи.
Ашәарҭадара азҵаарақәа ирызку Қырҭтәылеи Евроеидгылеи рыбжьара зыҩаӡара ҳараку астратегиатә диалог аиҧыларақәа есышықәса имҩаҧысуеит, уаҟа ирылацәажәоит адәныҟатәи аполитикеи ашәарҭадара аполитикеи аҳәаақәа ирҭагӡаны азеиҧш интерес иаҵанакәа азҵаарақәа“, – азгәаҭоуп Адәныҟатәи аусқәа рминситрра аинформациаҿы.