Қарҭ ахадара - Жьҭаара 23 рзы имҩаҧысуа ауснагӡатәахь инеир зҭаху ауааҧсыра иахьырацәоу аҟынтә, Қарҭ амҩақәа рҿы аиҭаҵра аганахьала уадаҩрақәак ҟалар ауеит
Жьҭаара 23 рзы имҩаҧысуа ауснагӡатәахь инеир зҭаху ауааҧсыра иахьырацәоу аҟынтә, Қарҭ амҩақәа рҿы аиҭаҵра аганахьала уадаҩрақәак ҟалар ауеит. Ауааҧсыра рахь ааҧхьара ҟаҳҵоит убри аҽны ахатә машьынақәа излауа ала рхы иадмырхәарц, – иануп Қарҭ ахадара иаланарҵәаз аҳәамҭаҿы.
Аҳҭнықалақь ахадара атранспорт аиҭаҵра аҧкреи жьҭаара 23 рзы аус зуа амаршрутқәеи ирызкны аинформациа аланарҵәеит.
„Жьҭаара 23 рзы аҳҭнықалақьаҿ имҩаҧгахоит „Ақырҭуа гәахәтәы – адемократиатә Қырҭтәыла“ алхраҧхьатәи аихшьаалатә уснагӡатә, убри аҟынтә, Ахақәиҭра ашҭеи Русҭавели имҩадуи рҿы атранспортла аиҭаҵра иқәиҭымзаауеит. Аҧкра амч амазаауеит жьҭаара 23 асааҭ 00:00 инаркны ауснагӡатә иалгаанӡа.