Қарҭ ахадара еихырԥсаҟьоу асклероз адиагноз змоу атәылауаа ргәаҭарақәа аԥара азоуажьра апроцесс алагоит
Қарҭ ахадара еихырԥсаҟьоу асклероз адиагноз змоу атәылауаа ргәаҭарақәа аԥара азоуажьра апроцесс алагоит

Қарҭ ахадара еихырԥсаҟьоу асклероз адиагноз змоу атәылауаа ргәаҭарақәа аԥара азоуажьра апроцесс алагоит.  Ари атәы иахьа имҩаԥысыз аҳҭнықалақь аиҳабыра реилатәараҿ ааицҳаит Қарҭ ахада Каха Калаӡе.

Калаӡе иажәақәа рыла, Қарҭ ахадараҿ “еихырԥсаҟьоу асклероз адиагноз змоу атәылауаа ргәаҭарақәа аԥара азоуажьра апрограмма” 2020 шықәсазы алагеит.

“2022 шықәса инаркны Қарҭ ахадара ари апрограмма абенефициарцәа ахшыбаҩи, абӷашшареи абӷахәарши амагниттә-резонансттә томографиа аҟаҵаразы афинансркра аиура рылшахоит. Ачымазара асимптомқәа 20 шықәса инаркны 40 шықәсанӡа аарԥшхоит.  Апрограмма иабзоураны, еихырԥсаҟьоу асклероз змоу ахаҿқәа аиарҭа ма аинвалидтә акәырҷыжьи рамадара ирықәшәом,ауаажәларратә усзура анагӡара рылшахоит” – иҳәеит Каха Калаӡе.