„Политико“ – Қырҭтәыла адемократиа ашьақәырҕәҕәара аганахьала апрогресс ду ҟалар, Америка Қырҭтәыла зҵакы дуу арратә цхыраареи ахәаахәҭратә пакети аҭареи, авизатә режим алиберализациеи иахәаҧшуеит
„Политико“ – Қырҭтәыла адемократиа ашьақәырҕәҕәара аганахьала апрогресс ду ҟалар, Америка Қырҭтәыла зҵакы дуу арратә цхыраареи ахәаахәҭратә пакети аҭареи, авизатә режим алиберализациеи иахәаҧшуеит

Қырҭтәыла аиҳабыра адемократиа иаҿагыло ахырхарҭа рыҧсахыр, Америка Қырҭтәыла зҵакы дуу арратә цхыраареи ахәаахәҭратә пакети аҭареи, авизатә режим алиберализациеи иахәаҧшуеит. Аҭыжьымҭа „Политико“ адыррала, ари атәы иануп америкатә конгрессмен Џьо Уилсон аус здиулаз азакәанпроектаҿ.

Лымкаала, азакәанпроект инақәыршәаны, Қырҭтәыла аиҳабыра мраҭашәара иаҿагыло ариторика мап ацәыркыр, ауаҩытәыҩса изинқәа рыхьчара аганахьала шьҭахьҟа ацара иаҟәыҵыр, убасҟан, Америка Қырҭтәылаҟны аиҿцәажәара иалагоит апреференциатә ахәаахәҭратә режим ашьақәыргылареи Қырҭтәыла атәылауаа рзы авизатә режим алиберализациеи иазкны.

Иара убас, азакәанпроект инақәыршәаны, Конгресс аофициалтә хаҿқәа ирыднаҵоит Қырҭтәылазы арратә цхыраара апакет еиқәдыршәарц, зыӡбахәы ҳәоу апакетла иазҧхьагәаҭахоит урыстәылатәи агрессиа аҟынтәи атәыла ахьчара иазку ахыхьчаратә аибыҭара аҭара.

„Политико“ ишану ала,  Америка анапхгара агәра ганы иҟазароуп Қырҭтәыла адемократиа арҕәҕәара аганахьала апрогресс ду шыҟоу, лымкаала,  алхрақәа ииашаны, иаартны имҩаҧгазароуп,  алхраҧхьатәи алагылазаара абаланс азузароуп, убасҟан мацароуп зыӡбахәы ҳәоу апрограмма анынагӡахо.