Польшеи, Чехиеи Словениеи рԥыза-министрцәа Украина иҟоуп
Польшеи, Чехиеи Словениеи рԥыза-министрцәа Украина иҟоуп

Польшеи, Чехиеи Словениеи рԥыза-министрцәа Киев иҟоуп. Авизит хықәкыс амоуп Украина адгылара ашьақәырӷәӷәара. Ари атәы “Твиттер” аҿы ааицҳаит Польша аԥыза-министр Матеуш Моравецки.

„Аибашьра иахҟьаны еихабгоу Киев аҭоурых аҩра ҳаҿуп. Абра ахьыԥшымра атираниа иаҿагылоит. Абра ҳԥеиԥш ӡбахоит. Евроеидгыла Украина адгылоит. Уажәы ҳҩыза ҳидгылароуп, убри азоуп Киев ҳзааиз“,-  иҩит Польша аԥыза-министр.