Польша аспорт аминистр – Урыстәылатәии беларустәии аспортсменцәа парижтәи аолимпиадашҟа инарышьҭыр, 40 ҳәынҭқаррақәа абоикот ҟарҵар ауеит
Польша аспорт аминистр – Урыстәылатәии беларустәии аспортсменцәа парижтәи аолимпиадашҟа инарышьҭыр, 40 ҳәынҭқаррақәа абоикот ҟарҵар ауеит

Польша аспорт аминистр Камил  Бортничук иҳәамҭала, Жәларбжьаратәи олимпиатә комитет урыстәылатәии беларустәии аспортсменцәа 2024 шықәсазы Париж имҩаҧысраны иҟоу Аолимпиатә хәмаррақәа рахь инарышьҭыр,  40 ҳәынҭқаррақәа абикот ҟарҵар ауеит.

Ари атәы аанацҳаит ВВС.

Польша аспорти атуризми рзы аминистр ари аҳәамҭа ҟаиҵеит Жәларбжьаратәи аолимпиатә комитет урыстәылатәии беларустәии аспортсменцәа анеитралтә бираҟла аолимпиатә хәмаррақәа рахь рынашьҭра азҵаара ишахәаҧшуа анеилкааха ашьҭахь.

АИХ адыррақәа рыла, Украина Аолимпиатә комитет аплан иақәшаҳаҭым, парижтәи аолимпиада абоикот ала иқәмақаруеит. Польшеи Балтиатәи атәылақәеи Киев апозициа иадгылоит.