Польша аҧыза-министр Матеуш Моравицки Иракли Ҕарибашвили Қырҭтәыла Ахьыҧшымра амш идиныҳәалеит
Польша аҧыза-министр Матеуш Моравицки Иракли Ҕарибашвили Қырҭтәыла Ахьыҧшымра амш идиныҳәалеит.
«Польша аиҳабыра рыхьӡала, гәыкала ишәыдысныҳәалоит Қырҭтәыла Ахьыҧшымра амш. Сынтәа ҳара иазгәаҳҭоит Польшеи Қырҭтәылеи рыбжьара адипломатиатә еизыҟазаашьақәа рышьақәыргылара инаркны 30 шықәса аҵра. Аҵыхәтәантәи 30 шықәса рыла, ҳкультуратәи, ҳекономикатәи, ҳполитикатәи аимадара қәҿиарала арҿиара ҳалшеит. Ҳажәларқәа реимадарақәа ҳаҧхьаҟа иаҳа иҕәҕәахап ҳәа ҳгәыҕуеит. Ҳара даҽазнык ишьақәҳарҕәҕәоит адемократиатә реформақәа рымҩаҧгареи аекономикатә аҿиареи аҿы Қырҭтәыла ацхраара ҳшазыхиоу», — иануп ашәҟәы аҟны.
Матеуш Моравецки ишазгәеиҭаз ала, Польша Қырҭтәыла ахьыҧшымреи аҵакырадгьылтә акзаареи, атәыла мраҭашәаратә ҽазышәарақәеи рыдгылара нанагӡоит.