Польша апарламент авице-спикер ишылҳәаз ала, лара Михаил Саакашвили иҧыларазы мап лцәыркит
Польша Сеим авице-спикер Малгожата Госевскаиа ишылҳәаз ала, лара Қырҭтәыла ҧасатәи ахада Михаил Саакашвили иҧыларазы мап лцәыркит.
Лара лажәақәа рыла, Польша аҧыза-министр Моравецки иҿаҧхьа Иракли Ҕарибашвили ари аиҧылара дшақәшаҳаҭхазгьы, лара Михаил Саакашвили диҧыларц азин лырымҭеит.
Аклиника «Вивамед» аҧхьа Малгожата Госевскаиа ишылҳәаз ала, Аҩбатәи адунеитә еибашьра ашьҭахь раҧхьаӡа акәны атәыла ахада абахҭа дҭакуп.
Иара убас, Малгожата Госевскаиа ишазгәалҭаз ала, лара Қырҭтәыла евроинтеграциа азҵаара иазкны аоппозициатә партиақәа драцәажәеит, атәыла аҩныҵҟа аибарххара шыҟоугьы, дара европатәи апартниорцәа рахь ааҧхьара ҟарҵеит Қырҭтәыла Евроеидгыла алаларазы астатус анаршьарц.