Польша аоппозициатә партиақәа акаолициа аҧҵара иазку аиқәшаҳаҭра рнапы аҵарҩит
Польша аоппозициатә партиақәа акаолициа аҧҵара иазку аиқәшаҳаҭра рнапы аҵарҩит

АИХқәа ишаарыцҳаз ала, польшатәи аоппозициатә партиақәа акаолициа аҧҵара иазку аиқәшаҳаҭра рнапы аҵарҩит.

«Атәыла ахада иҟынтә абри аҩыза алшара анҳаулак, ҳара ҳусуразы абжьагарақәа ҳазҭо  акаолициатә аиқәшаҳаҭра атекст ашьақәырҕәҕәара ҳазыхиоуп», — иҳәеит аҧыза-министр иҭыҧазы акандидат  Дональд Туск.

Акаолициа иалахәын сынтәатәи апарламенттә алхрақәа рҿы аиҳара еицеиҿызкааз аоппозициатә партиақәа.