Польша аклимати аҧсабаратә лагылазаареи рзы аминистр  - Полшьа Урыстәылаҟны аенергетикатә аимадарақәа ааннакылоит
Польша аклимати аҧсабаратә лагылазаареи рзы аминистр  - Полшьа Урыстәылаҟны аенергетикатә аимадарақәа ааннакылоит

Полшьа Урыстәылаҟны аенергетикатә аимадарақәа ааннакылоит. Ари атәы аалыцҳаит  Польша аклимати аҧсабаратә лагылазаареи рзы аминистр   Анна Москва.

«Польша  1993 шықәсатәи агазтәи аиқәшаҳаҭра иалҵуеит. Урыстәылатәи агрессиа амшала,  Польша аиҳабыра урыстәылатәи агаз аҟынтә ахьыҧшымра наӡа аиуразы аӡбара рыдыркылеит. Ҳара еснагь иаадыруан «Газпром» уақәгәыҕратәы ишыҟам.

АИХ адыррақәа рыла, аиқәшаҳаҭрала иазҧхьагәаҭан агазмҩангага   «Иамал» ала Польша аҧсабаратә  агазла аиқәыршәареи Польша иалганы аҧсабаратә газ атранзит иадҳәалоу аинфраструктура аргылареи амаҵ ауреи.