Польша аԥыза-министр украинаа рахь ааԥхьара ҟаиҵеит - Ҳаидгыланы аиааира ҳгоит, европатәи ахәынаӡарақәа баша жәақәоуп ҳәа аӡәгьы изҳәом
Ҳара ҳаидгылоуп – абри адунеи ахь ҳашьҭымҭа ауп. Иахьа абра ҳахьеизаз, агәымбылџьбаратә ииашам аибашьра аазгаз агәаҟра аганахьала арымарыдара шҳамам аанарԥшуеит, – иҳәеит Польша аԥыза-министр Матеуш Моравиецки адонорцәа жәларбжьаратәи рконференциаҿ “Украиназы”.
Моравиецки иажәақәа рыла, украинаа рыԥсадгьыли рхьыԥшымреи мацара ирзықәԥом, убри аҟынтә урҭ иацҵаны ацхыраара рзаарԥштәуп.
Польша аԥыза-министр ишазгәеиҭаз, еиидгыланы аиааира ргоит, европатәи ахәынаӡарақәа баша жәақәоуп ҳәа аӡәгьы изҳәом.
Польша имҩаԥысуа аконференциа ихы алаиирхәоит Қырҭтәыла аԥыза-министр Иракли Ӷарибашвили.