Ҧхынҷкәын 9-10 рзы апарламент аҿы аекономикеи аиустициеи аминистрцәа ирзыӡрҩуеит
Қырҭтәыла апарламент ахантәаҩы Каха Куҷава иҳәамҭала, азакәанҧҵаратә орган иаҭаауеит аекономикеи аиустициеи рминистрцәа. Иара убас, Куҷава ишиҳәаз ала, ахашазы атәыла абиуџьет шьақәдырҕәҕәоит.
«Анеҩстәи амчыбжь — аҵыхтәантәи асессиатә мчыбжьуп. Аҧшьашеи ахәашеи рзы аекономикеи аиустициеи рминистрцәа ҳарзыӡырҩуеит. Ахашазы атәыла абиуџьет шьақәҳарҕәҕәоит. Аҩаша, ишаҧу ала, аҳәамҭақәа рымшуп», — иҳәеит Каха Куҷава.