Pfizer-BioNTech аҳәамҭа инақәыршәаны, дара рвакцина   5-11 шықәсанӡа зхыҵуа ахәыҷқәа рзы шәарҭам
Pfizer-BioNTech аҳәамҭа инақәыршәаны, дара рвакцина   5-11 шықәсанӡа зхыҵуа ахәыҷқәа рзы шәарҭам

COVID-19 аҽыхьчаратә вакцина  Pfizer-BioNTech аҧышәара ишьақәнарҕәҕәеит уи 5 инаркны 11 шықәсанӡа зхыҵуа ахәыҷқәа рзы ишшәарҭам, алҵшәа бзиа шамоу. Ари аинформациа аланарҵәеит агентра  «Реитер».

Аилахәыра Pfizer ала имҩаҧгаз аклиникатә ҧышәарақәа ирылахәын 5 инаркны 11 шықәсанӡа зхыҵуа  2 268ҩык ахәыҷқәа. Урҭ рҟынтә ахҧа рыҩба авакцина 2 дозак рзыҟарҵеит.

Убри адагьы,  Pfizer  авакцина аҧышәара иаҿуп 2 инаркны 5 шықәсанӡа, иара убас, фымз инаркны 2 шықәсанӡа зхыҵуа ахәыҷқәа рҿгьы.

Аилахәыра аҳәамҭаҿы ишазгәаҭоу ала, ахәыҷқәа риммунизациазы азин аиура амзызла, аҧышәарақәа рылҵшәақәа идәықәҵоуп Америа Афатәаалыҵи амедикаментқәеи рзы асанитартә хылаҧшра аусбарҭеи  (FDA) Ахәышәтәырҭатә хархәагақәа рзы европатәи агентреи  (EMA) рышҟа.

Адунеи аҿы акоронавирус  «дельта»-вариант аларҵәара амшала, авирус ҿызкаауа ахәыҷқәа иаҳа-иаҳа ирацәахоит. Аилахәыраҿы ишырҳәаз ала, 5 инаркны 11 шықәсанӡа зхыҵуа ахәыҷқәа алаҵақәа рзыҟаҵара абзоурала, ҭагалан  ахәыҷқәа рыгәҭа авирус аларҵәара еиҵартәыр рылшоит.