Петер Сииарто – Ҳара  "Абжьаратә корридор" аидарамҩангара алшара аизырҳара аус аҿы алагала ҟаҳҵар ҳҭахуп
Петер Сииарто – Ҳара  "Абжьаратә корридор" аидарамҩангара алшара аизырҳара аус аҿы алагала ҟаҳҵар ҳҭахуп

Венгриа адәныҟатәи аусқәа рминистр Петер Сииарто иҳәамҭала, Будапешт  «Абжьаратә корридор» аҿиара иазҿлымҳауп. Иара ари аҳәамҭа ҟаиҵеит азербаиџьантәи АИХқәа аинтервиу анриҭоз.

Сииарто иажәақәа рыла,  «Абжьаратә корридор иаҵәа» аҳәаақәа ирҭагӡаны, Венгриа Азербаиџьани, Қырҭтәылеи, Румынтәылеи аус рыцнауеит.

«Иахьазы Китаи, венгриатәи аекономиказы аҩбатәи аимпорттә хыҵхырҭоуп. Венгриа китаитәи аинвестициақәа рзы Ацентртә Европаҿ ахадаратә ҭыҧ ааннакылоит.  Ҳара ари арегионаҿ аенергоресурсқәа рацәа ааҳхәоит. Убри аҟынтә, Азиеи Европеи рыбжьара аидарамҩангара алшара аизырҳара ҳазҿлымҳауп.  Ҳара “Абжьаратә корридор” аидарамҩангара алшара аизырҳара аус аҿы алагала ҟаҳҵар ҳҭахуп.  Ари ахырхарҭала, Абжьаратә корридор аҳәаақәа ирҭагӡаны,  Азербаиџьани, Қырҭтәылеи, Румынтәылеи қәҿиарала аус рыцаауеит», — иҳәеит Венгриа адәныҟатәи аусқәа рминистр.