Петер Сииарто  - Ҭагалан Қырҭтәыла акандидат астатус аиуроуп, атәыла уи азыҳәан иаҭаху  зегьы ҟанаҵеит
Петер Сииарто  - Ҭагалан Қырҭтәыла акандидат астатус аиуроуп, атәыла уи азыҳәан иаҭаху  зегьы ҟанаҵеит

«Қырҭтәыла акандидат астатус анашьара иазку аӡбара аполитикатә зҵаароуп, ҳара Евроеидгыла аҳәара азықәҳаргылоит аполитикатә ҭакҧхықәра рхы иадҵаны, ҭагалан иахәҭоу аӡбара рыдыркыларц», — иҳәеит Венгриа адәныҟатәи аусқәа рминистр  Петер Сииарто Илиа Дарчиашвилии иареи реиҧылара ашьҭахь еицымҩаҧгаз апресс-конференциаҿы.

Сииарто ишазгәеиҭаз ала,  ҭагалан Қырҭтәыла акандидат астатус аиуроуп, избанзар,  атәыла уи азыҳәан иаҭаху  зегьы ҟанаҵеит.

«Ҳара кавказтәи арегион аус ацура азҵаара аҵакы ду анаҳшьоит, жьҭаара  11-12 рзы  Қырҭтәылеи Венгриеи реиҳабырақәа  Қарҭ  асаммит еицымҩаҧыргоит.  Асаммит аҳәаақәа ирҭагӡаны, аинвестициатә программеи, иара убас, астипендиа анагӡара иазку адокументи  ҳнапы рыҵааҩуеит.  Иахьатәи аиҧылараҿы ҳара Қырҭтәыла акандидат астатус анашьара азҵаарагьы ҳалацәажәеит.  Ҳгәы ишаанаго ала, ҭагалан Қырҭтәыла акандидат астатус аиуроуп, избанзар,  атәыла уи азыҳәан иаҭаху  зегьы ҟанаҵеит.    Қырҭтәыла акандидат астатус анашьара иазку аӡбара аполитикатә зҵаароуп, ҳара Евроеидгыла аҳәара азықәҳаргылоит аполитикатә ҭакҧхықәра рхы иадҵаны, ҭагалан  иахәҭоу аӡбара рыдыркыларц», — иҳәеит Венгриа адәныҟатәи аусқәа рминистр  Петер Сииарто.