Петер Фишер – Қырҭтәыла Евроеидгыла алаларазы акандидат тәылоуп, аха Қырҭтәыла аиҳабыра рполиткиатә хырхарҭа амшала апроблемақәа ҳазцәырҵит, Қырҭтәыла алалара апроцесс аанкылоуп
«Қырҭтәыла Евроеидгыла алаларазы акандидат тәылоуп, аха Қырҭтәыла аиҳабыра рполиткиатә хырхарҭа амшала апроблемақәа ҳазцәырҵит, Қырҭтәыла алалара апроцесс аанкылоуп», — иҳәеит Қырҭтәыла иҟоу Германтәыла ацҳаражәҳәаҩ Петер Фишер.
Фишер иҳәамҭала, жәларбжьаратәи аконференциа «Евроеидгыла арҭбаара – агеополитикатә хымҧадареи Евроеидгыла алаларазы акандидат тәылақәа рзы анеҩстәи ашьаҿақәеи» иалагаанӡа, Қырҭтәыла алалара апроцесс аанкылоуп.
«Иахьа германәтылатәи атәылауаҩратә уаажәларра еиҿыркааз ауснагӡатә аҿы Евроеидгыла арҭбаара азҵаара ҳалацәажәоит. Ари атема Қырҭтәылазы аҵакы ду амоуп. Қырҭтәыла Евроеидгыла алаларазы акандидат тәылоуп, аха Қырҭтәыла аиҳабыра рполиткиатә хырхарҭа амшала апроблемақәа ҳазцәырҵит, Қырҭтәыла алалара апроцесс аанкылоуп. Уажәазы Евроеидгыла аполитика абасоуп ишыҟоу. Уи даараӡа ҳгәы иалоуп. Аха, ҳара, излауа ала ирласны ҧхьаҟацара наҳагӡароуп. Алалара апроцесс аццакреи ахаҭабзиареи акандидат тәылақәа рнапаҿы иҟоуп. Ҳара Германтәылеи Қырҭтәылеи реизыҟазаашьақәагьы ҳрылацәажәоит. Америкеи Германтәылеи Қырҭтәылазы идуӡӡоу адонорцәоуп. Уажәазы Қырҭтәыла иадҳәаланы афинанстә ҧхықәра ҿыцқәа ргара ҳазыхиам», — иҳәеит Фишер.