Пентагон  Украина иазоунашьҭуеит 275 миллион адоллар арратә цхыраара апакет ҿыц
Пентагон  Украина иазоунашьҭуеит 275 миллион адоллар арратә цхыраара апакет ҿыц

«Пентагон  Украина иазоунашьҭуеит 275 миллион адоллар арратә цхыраара апакет ҿыц», — ари атәы аанацҳаит агентра Associated Press.

Аофициалтә хаҿқәа агентра ишазаарыцҳаз ала, иахьа Америка администрациа ари апакет иазкны аофициалтә  аҳәамҭа ҟарҵоит.

Урыстәыла Украина ианажәыла инаркны, Америка Украина иазоунашьҭхьеит  16,8 миллиард адоллар арратә цхыраара.