Пентагон ахаҭарнак - ЕАШ мрагыларатә Европа ашҟа иацҵаны амчқәа рышьҭыр ҟалоит
ЕАШ мрагыларатә Европа ашҟа иацҵаны амчқәа рышьҭыр ҟалоит, – иҳәеит Пентагон ахаҭарнак Џьон Корби.
“Амилаҭтә шәарҭадаратә зҵаарақәа рзы ЕАШ ахада ибжьагаҩ Џьеик Саливан ишазгәеиҭаз, Урыстәыла Украина иалалар, Нато аегидала, ҳадгылаҩцәа руаӡәы иҟынтә иацҵаны амчқәа ма аамҭалатәи аелементқәқа ирызны ацхыраара аҳәара ҳзаарышьҭыр, ари азҵаара ҳахәаԥшуеит, аха уажәы аҳәара ма ар аиагара аҭыԥ амаӡам,” – иҳәеит Кирби.
Кирби иажәақәа рыла, ЕАШ Урыстәылеи Украинеи рҿы аҭагылазаашьа амониторинг нанагӡоит, аха уи амаҵзура ҷыдақәа рҳасабырбақәа адетальқәа рыҭҵаара агәы иҭам.