Пентагон анапхгара ишаарыцҳаз ала, Америка Украинаҟа арбџьармчқәа рдәықәҵара ргәы иҭам
Пентагон аспикер иҳәамҭала, Америка Украинаҟа арбџьармчқәа рдәықәҵара ргәы иҭам. Аинрал-маиор Патрик Раидер иажәақәа рыла, жәларбжьаратәи аҽазышәара амч амоуп, дара ирылшо зегьы ҟарҵоит Украина „излауа ала ирласны“ иаҭаху ацхыраара аиурц азыҳәан.
„Ҳара америкатә аруаа Украинаҟа рдәықәҵара ҳгәы иҭам. Урыстәыла Украина ианажәыла амш инаркны ҳара иҳалшо зегьы ҟаҳҵоит Украина излауа ала ирласны ацхыраара аиурц азыҳәан. Америка мацара акәӡам уи иазҿлымҳау, уи жәларбжьаратә ҽазышәароуп“, – иҳәеит аинрал-маиор Патрик Раидер.
Ишыжәдыруа еиҧш, уажәааны Емануел Макрон ааицҳаит Украинаҟа адгьылтә мчқәа рдәықәҵара иааҧҵәаны мап ацәкра шыҟамло. Убри ашьҭахь, Франциа адәныҟатәи аусқәа рминистр Стефан Сежурне иҳәеит: «Франциа Украинаҟа аруаа дәықәнаҵар ауеит, аха, Урыстәыла иаҿагыланы еибашьырцаз акәымкәа, аконкреттә ҭахрақәа рынагӡаразы».
Макрон иҟаиҵаз аҳәамҭа Кремльгьы иахцәажәеит. Урыстәыла анапхгара ишырҳәаз ала, абри аҩыза ашьаҿа НАТОи Урыстәылеи рыбжьара ишиашо аиҿагылара ахылҵуеит.