Пентагон аинформациала, Украина иақәлаз Урыстәыла арбџьармчқәа аџьаԥҳани афатәи, абылтәи рдефицит ирымоуп
Пентагон аинформациала, Украина иақәлаз Урыстәыла арбџьармчқәа аџьаԥҳани афатәи, абылтәи рдефицит ирымоуп

Пентагон аинформациала, Украина иақәлаз Урыстәыла арбџьармчқәа аџьаԥҳани афатәи, аӷбақәа рзы абылтәи, аруаа рымаҭәақәеи рдефицит ирымоуп.

Пентагон ахаҭарнак ишааицҳаз, зымҽхак ҭбаау аоперациа мызкы ҵуеит иалагеижьҭеи, аурысцәа иахьагьы аресурсқәа рганахьала ирымоу апроблемақәа рыӡбара рылшом, арҭ апроблемақәа аибашьра алагара мчыбжьык ашьҭахь цәырҵит.

„Урҭ амшын аҿгьы абылтәы рымам. Рыӷбақәа рзы абылтәы рымам,“ – иҳәеит Пентагон ахаҭарнак.