Пекка Хаависто – Аҩныҵҟатәи процессқәак атәыла адемократиатә аҿиара иаҧырхагахеит, аха, хара имгакәа Қырҭтәыла иҳацлап ҳәа ҳгәыҕуеит
Пекка Хаависто – Аҩныҵҟатәи процессқәак атәыла адемократиатә аҿиара иаҧырхагахеит, аха, хара имгакәа Қырҭтәыла иҳацлап ҳәа ҳгәыҕуеит

Финлиандиа адәныҟатәи аусқәа рминистр  Пекки Хаависто иҳәамҭала,  Қырҭтәыла евроинтеграциа апроцесс шымҩаҧысуа аилкааразы, дара, Қырҭтәыла анапхгара рҟны еиҧҟьарада аимадара рымоуп.

Иара ишазгәеиҭаз ала, аҩныҵҟатәи процессқәак атәыла адемократиатә аҿиара иаҧырхагахеит.

«Раҧхьа иргыланы,  иазгәасҭар сҭахуп – Украинеи Молдовеи ирымоу апрогресс  ҳгәаҧхоит.  Қырҭтәыла евроинтеграциа апроцесс шымҩаҧысуа аилкааразы,   Қырҭтәыла анапхгара рҟны еиҧҟьарада аимадара ҳамоуп. Ишыздыруа ала,  аҩныҵҟатәи процессқәак атәыла адемократиатә аҿиара иаҧырхагахеит, аха, хара имгакәа Қырҭтәыла иҳацлап ҳәа ҳгәыҕуеит», — иҳәеит  Пекка Хаависто.